Мшаԥы 8 рзы Қырҭтәыла аҵакыраҿ ақәа леиуеит
Мшаԥы 8 рзы Қырҭтәыла аҵакыраҿ ақәа леиуеит

Аԥсабара амилаҭтә агентра аинформациа ала, мшаԥы 8 рзы Қырҭтәыла аҵакыраҿ ақәа леиуеит, уахынла асы леир ҟалап.

Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз, ҽынла аԥша ӷәӷәа асуеит.

„Ақәоура иахҟьаны аҿиасқәа хыҵыр ҟалап, ашьхараҿ адгьылбгарақәа ршәарҭа иҟоуп“, – аарыцҳаит Аԥсабара амилаҭтә агентра  аҟынтә.