Мшаԥы 6-7 рзы Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит
Мшаԥы 6-7 рзы Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит

Аԥсабаразы амилаҭтә агентра аинформациала, мшаԥы 6-7 рзы Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит.

Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, мшаԥы 6 рзы Мраҭашәаратә Қырҭтәыла раионқәак рҿы ақәа леиуеит, мшаԥы 7-8 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом. Мрагыларатә Қырҭтәыла ихшәашәарахоит, џьара-џьара ақәа леиуеит.

Қарҭ мшаԥы 6 рзы ақәа леир ҟалап, ихьшәашәрахоит. Аҳауа аԥхарра ҽынла +14, +16 градус иаҟарахоит.

Амшын Еиқәа араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ԥуҭ) мшаԥы 6 рзы амш еилгоит, мшаԥы 9-нӡа аҳауатә лышәшәақәа ҟалом.  Аҳауа аԥхарра ҽынла +20, +22 градус иаҟарахоит.

Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиӷнаӷи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмета, Дедоԥлисҵҟаро) аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит.  Аҳауа аԥхарра ҽынла +14, +16 градус иаҟарахоит.

Мрагыларатә Қырҭтәыла ашьхараҿ (Амбролаури, Они, Цагери, Шови, Ҷиаҭура, Сачхере, Хуло): аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит. Аҳауа аԥхарра ҽынла +14, +16  градус иаҟарахоит.

Ашьхаҿ  (Ахалқалақи, Ҵалка, Бакуриани, Гудаури, Омало) асы леир ҟалап. Аҳауа аԥхарра ҽынла +8, +10градус иаҟарахоит.