Мраҭашәаратә Қырҭтәыла амуфҭ Адам Шанҭаӡе - Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит Рамазан амза аан хәылбыҽхан аныҳәара иадҳәаланы аиҳабыра аҧсылманцәа ирзаадырҧшыз адгыларазы.
Мраҭашәаратә Қырҭтәыла амуфҭ Адам Шанҭаӡе Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Рамазан амза аан хәылбыҽхан аныҳәара иадҳәаланы аиҳабыра аҧсылманцәа ирзаадырҧшыз адгыларазы.
„Раҧхьа иргыланы, ааҧхьара ахьҳашәҭаз азыҳәан ҭабуп ҳәа шәасҳәоит, Анцәа шәиныҳәааит, Анцәа илҧха шәыгымзааит. Иара убас, ҳдинхаҵаҩцәа гәыкала асалам шәзаарышьҭит. Ҳара даараӡа ҳшәаҭабууп Рамазан амзазы аиҳабыра хәылбыҽхан аныҳәара азҵаараҿы иахьҳадгылаз азыҳәан. Ҳара агәабзиарахьчара аминистрреи иашьашәалоу аҳәынҭқарратә органқәеи ишьақәдыргылаз арегулиациақәа зегьы ҳрықәныҟәоит ҳаидгыланы апандемиа аҵархара ҳалшарц азыҳәан. Ҭоурыхла, ҳтәыла акультуратәи, аетникатәи, аконфессиатәи ахкырацәарала иалкаауп, абри ахкырацәара ҳҭоурыхтә аихьӡара ауп, амилаҭтәи акультуратәи абеиароуп. Сара иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ҧасагьы уажәгьы абри атәылаҿы еиуеиҧшым амилаҭқәеи, здинхаҵара еиҧшым атәылауааи еснагь еинааланы, аешьцәа реиҧш, аиҩызарала ҭынч еицынхоит, иаку атәыла ҕәҕәа аргылара аус аҿы рхатә алагала ҟарҵоит. Иахьагьы убасҵәҟьоуп ишыҟоу, шәара абри аус шәшадгыло, шәшацхраауа аабоит“,- иҳәеит Мраҭашәаратә Қырҭтәыла амуфҭ Адам Шанҭаӡе.