Москватәи аӡбарҭа ақәҵарала Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿы  Facebook-и Instagram-и аҿырхит  «аеқстремизм» азы
Москватәи аӡбарҭа ақәҵарала Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿы  Facebook-и Instagram-и аҿырхит  «аеқстремизм» азы

Москватәи аӡбарҭа ақәҵарала,  Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿы асоциалтә аҳақәа  Facebook-и Instagram-и аҿырхит  «аеқстремизм» азы. Ари атәы аарыцҳаит урыстәылатәи АИХ.

Иҟоу аинформациа инақәыршәаны, аӡбарҭа ақәҵара зыҧшра ҟамҵакәа инагӡатәуп.

«Апрокурорцәа ргәаанагарала, аекстремисттә информациа инеизакны ауаажәларразы шәарҭоуп. Аилахәыра Meta ахатә ҧҟарақәа еиланагеит, ахархәаҩцәа аурыс аруаа рышьразы ааҧхьара аҟаҵара азин рнаҭеит», — иануп аинформациаҿы.

Иара убас, ишазгәаҭоу ала, аӡбарҭа ақәҵара WhatsApp амессенџьер иадкьыслом.