Молдова АКХ аинформациала, абыжьқәа 100% рыԥхьаӡара ашьҭахь Маиа Санду лпартиа абжьқәа 50,03% рыла актәи аҭыԥ ааннакылеит
Молдова АКХ аинформациала, абыжьқәа 100% рыԥхьаӡара ашьҭахь Молдова уажәтәи ахада Маиа Санду анапхгара ззылуа, европатәи ахырхарҭа иадгыло «Ауранагӡареи аидгылареи апартиа» абжьқәа 50,03% рыла актәи аҭыԥ ааннакылеит, Молдова ҧасатәи ахада Игорь Додон дызхагыло урыстәылатәи ахырхарҭа иадгыло «Апатриоттә блок» – 24,26%.
Аҳҭнықалақь ахада дызхагыло алхратә блок «Альтернатива» абжьқәа 7,99% рыла ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит. Аԥшьбатәи аҭыԥ аҿы иҟоуп «Ҳара ҳпартиа» – 6,21%. Ахәбатәи аҭыԥ аҿы – апартиа «Аиашареи ахы аҳаҭырақәҵареи рплатформа» – 5,63%.
АКХ аинформациала, Ауранагӡареи аидгылареи апартиа» 52 мандат иуеит, «Апатриоттә блок» – 28, алхратә блок «Альтернатива» -9, «Ҳара ҳпартиеи» «Аиашареи ахы аҳаҭырақәҵареи рплатформеи» – 6-6 мандат.