Молдова аҧыза-министр -  Илиа Дарчиашвилии сареи ҳаиҧылараҿы ҳтәылақәа рҿаҧхьа иқәгылоу апроблемақәа ҳрылацәажәеит
Молдова аҧыза-министр -  Илиа Дарчиашвилии сареи ҳаиҧылараҿы ҳтәылақәа рҿаҧхьа иқәгылоу апроблемақәа ҳрылацәажәеит

Молдова аҧыза-министр Наталиа Гаврилица лҳәамҭала,   Илиа Дарчиашвилии лареи реиҧылараҿы Қырҭтәылеи Молдовеи рҿаҧхьа иқәгылоу апроблемақәа ирылацәажәеит.

Гаврилица ишазгәалҭаз ала, евроинтеграциа амҩаҿы Қырҭтәылеи Молдовеи рҽазышәарақәа еиҧшуп.

«Алҵшәа зхылҵша аиҧылара мҩаҧаагеит. Абри азакәандаратә еибашьра амшала ҳтәылақәа рҿаҧхьа иқәгылоу апроблемақәа ҳрылацәажәеит. Ҳәарада,  аҳәынҭқаррақәа зегьы рхатә амҩа алхра алшара рымзароуп, ҳара ари агәаанагара ҳақәшаҳаҭуп. Евроинтеграциа амҩаҿы Қырҭтәылеи Молдовеи рҽазышәарақәа еиҧшуп.

Аполитикатә усеицура ҳалацәажәеит,  аха,  ҳекономикатә еизыҟазаашьақәагьы еиҕьтәуп. Рыцҳарас иҟалаз,  абри аибашьра амшла алогистикатә дачь иҧҵәеит,   ҳтәылақәа рыбжьара атауареикәшара маҷхеит. Абри аҭагылазаашьа аиҕьтәрагьы ҳалацәажәеит. Убри адагьы,  аекономикатә усеицура арҭбааразы,  лаҵарамзазы азеиҧш економикатә комитет аҧҵара аперспективагьы ҳазааҭгылеит», — илҳәеит Молдова аҧыза-министр  Наталиа  Гаврилица.