Молдова Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Цхинвалтәи арегион аҿы ареферендум амҩаҧгара аҽазкра иадҳәаланы Қырҭтәыла анапхгара ргәынамӡара ҳадгылоит
Молдова Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Цхинвалтәи арегион аҿы ареферендум амҩаҧгара аҽазкра иадҳәаланы Қырҭтәыла анапхгара ргәынамӡара ҳадгылоит

Молдова Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Цхинвалтәи арегион аҿы ареферендум амҩаҧгара аҽазкреи ари арегион Урыстәыла адларазы аиуристтә процедура алагареи иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.

Модова Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа иануп:

«Молдова иазханаҵом мшаҧы 10 рзы Цхинвалтәи арегион/Аахыҵ Уаҧстәыла  (Қырҭтәыла)   имҩаҧысраны иҟоу ареферендум, ҳара даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәоит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳшадгыло.

— Цхинвалтәи арегион аҿы ареферендум амҩаҧгара аҽазкра иадҳәаланы Қырҭтәыла анапхгара ргәынамӡара ҳадгылоит, жәларбжьаратәи зин ахадаратә принципқәа реилагара ҳақәыӡбоит.

— Абри аконтекст аҿы Молдоватәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрра даҽазнык  ахатә позициа аанарҧшуеит – ихьыҧшым аҳәынҭқарра ампыҵахалара ма аннексиа аҽазкра цыҧхьаӡа жәларбжьаратәи аҭынчреи, ашәарҭадареи, аҭышәынтәалареи рзы крызҵазкәа шәарҭароуп».