Михеил Саакашвили - Мраҭашәара Путин изкны агәҽанҵара анрысҭоз, деилагоуп, дхагоуп ҳәа ргәы иаанагеит
Михеил Саакашвили - Мраҭашәара Путин изкны агәҽанҵара анрысҭоз, деилагоуп, дхагоуп ҳәа ргәы иаанагеит

Мраҭашәара Путин изкны агәҽанҵара анрысҭоз, деилагоуп, дхагоуп ҳәа ргәы иаанагеит, – “Таимс” аинтервиу аҿы иазгәеиҭеит Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили.

Михеил Саакашвили ишазгәеиҭаз ала, ахада Путин Украина анапахьы аагара шиҭахыз ҩажәашықәса раԥхьа ааицҳаит, аха агрессивтә территориатә амбициақәа ирызку адыррақәа мраҭашәараҿ гәхьаас ирымкит.

Саакашвили иажәақәа рыла,  2004 шықәсазы Кремль аҟны анеиԥыла, Путин иҵәахуамызт атерриториақәа анапахьы раагара шиҭахыз

„Актәи ҳаиԥылараҿ иахьа иҟаиҵо зегьы атәы иҳәахьеит”, – иҩит Саакашвили.