Михаил Сарџьвелаӡе – Ихьыҧшым аҳәынҭқарра атәылауаҩ игәаҧхом ҳтәылаҿ иҟаҵаз ацәгьауразы   азыӡба анагӡара тәымк  данаҧырхагахо
Михаил Сарџьвелаӡе – Ихьыҧшым аҳәынҭқарра атәылауаҩ игәаҧхом ҳтәылаҿ иҟаҵаз ацәгьауразы азыӡба анагӡара тәымк данаҧырхагахо

 

Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара апарламентә комитет ахантәаҩы Михаил Сарџьвелаӡе иҳәамҭала, ауаҩҧсы   ҳтәылаҿ иҟаиҵаз ацәгьауразы иқәырҵаз азыӡба ахгара аҳәаанырцәынтә аӡәы данаҧырхаго, уи аполитикатә ганахьала ииашоуп ҳәа аӡәы игәы ианагар ҟалом.

„Ауаҩҧсы   ҳтәылаҿ иҟаиҵаз ацәгьауразы  азыӡба иқәырҵар,  атәыла анҭыҵынтә ари азыӡба ахгара аӡәы даҧырхагахар ҟалом,  ихьыҧшым аҳәынҭқарра атәылауаҩ уи дзақәшаҳаҭхом.  Убри аҟынтә,  аполитикатә ганахьала уи ииашоуп ҳәа изыҧхьаӡо аӡәыр дыҟазар,  иаартны исҳәар сҭахуп абри аҩыза азнеишьа сшақәшаҳаҭым.  Ари азҵаара иадҳәаланы Қырҭтәыла анапхгара рпозициа ҕәҕәоуп,  ҳтәылауаагьы ари апозициа иақәшаҳаҭуп ҳәа сгәы иаанагоит“, – иҳәеит Михаил Сарџьвелаӡе  Украина ахада Владимир Зеленски иҟаиҵаз аҳәамҭа данахцәажәоз.

Иацы Украина ахада ишиҳәаз ала,  Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ 48 сааҭ рыҩныҵҟала Украина дықәҵны,  Михаил Саакашвили ихақәиҭтәра азҵааразы аконсультациақәа рымҩаҧгаразы Қарҭҟа дхынҳәырц диҳәеит. Зеленски ишиҳәаз ала,  Урыстәыла,  Қырҭтәыла анапхгара рнапала,  Украина атәылауаҩ Михаил Саакашвили  дыршьыр рҭахуп.