Михаил Саакашвили идгылаҩцәа аклиника «Вивамеди» аҧхьа акциа мҩаҧыргоит
Михаил Саакашвили идгылаҩцәа аклиника «Вивамеди» аҧхьа акциа мҩаҧыргоит. Ауаа Саакашвили ахәшәтәразы аҳәаанырҵәҟа ииагара иаҳәоит. Акциа алахәылацәа ишырҳәаз ала, Саакашвили деицәахеит, Қырҭтәыла ишахәҭоу еиҧш дырзыхәшәтәуам.
Апротест ҟазҵо ауааҧсыра ргәаанагарала, апациент Польша ахәышәтәратә курс дахысроуп.
«Польшаҟа ииагара ҳаҳәоит. Ҳара ҳамацара ҳакәӡам ари аҳәара иқәзыргыло. Польша анапхгареи европатәи апарламентарцәеигьы уи иаҳәоит. Ҳазынтәгьы ибзиаҵәҟьаны иаадыруеит иҭагылазаашьа шыцәгьоу. Уажәазы аҳәаанырҵәҟьа ииагара ауп ҳзыҳәо, ҳаҧхьаҟа иара ихы дақәиҭзарц азыҳәан хымҧада иҧсҭазаара еиқәырхатәуп», — иҳәеит атәылауаҩратә активист Иракли Павленишвили.