Михаил Подолиак  - Путин алабҿабара дазыхынҳәроуп, Урыстәыла Украина иажәылеит, ҳтәылауаа ршьуеит, Урыстәыла аҭакҧхықәра иацәцар аҭахуп, ҳара атрибунал аҟынӡа  ҳнеиуеит
Михаил Подолиак  - Путин алабҿабара дазыхынҳәроуп, Урыстәыла Украина иажәылеит, ҳтәылауаа ршьуеит, Урыстәыла аҭакҧхықәра иацәцар аҭахуп, ҳара атрибунал аҟынӡа  ҳнеиуеит

Путин алабҿабара дазыхынҳәроуп, – иҳәеит Украина ахада иадминистрациа аиҳабы ибжьагаҩ Михаил Подолиак Владимир Путин иҟаиҵаз аҳәамҭа иадҳәаланы.

Подолиак иажәақәа рыла, Урыстәыла анапхгара аиҿцәажәара рҭахым, дара аҭакҧхықәра иацәцара ауп ирҭаху.

„Путин алабҿабара дазыхынҳәроуп, Урыстәыла Украина иажәылеит, ҳтәылауаа ршьуеит. Уаҳа изакәызаалак даҽа тәылак, ма амзызк, агеополитика иҟам.

Урыстәыла анапхгара аиҿцәажәара рҭахым, дара аҭакҧхықәра иацәцар ауп ирҭаху. Уи лабҿаба иубарҭоуп, убри аҟынтә, ҳара атрибунал аҟынӡа ҳнеиуеит“, – иҩит Михаил Подолиак.