Михаил Ҟавелашвили - Андреи Бабиши ипартиеи гәык-ԥсыкала Чехиа апарламенттә алхрақәа рҿы аиааира агара рыдысныҳәалоит
Михаил Ҟавелашвили - Андреи Бабиши ипартиеи гәык-ԥсыкала Чехиа апарламенттә алхрақәа рҿы аиааира агара рыдысныҳәалоит

Андреи Бабиши ипартиеи гәык-ԥсыкала Чехиа апарламенттә алхрақәа рҿы аиааира агара рыдысныҳәалоит, – асоциалтә ҳа Х аҿы иҩит Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили.

Михаил Ҟавелашвили ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла Чехиаҟны ҩганкалатәи еизыҟазаашьақәа рырҵаулара азыхиоуп.

“Андреи Бабиши ипартиа “Анои” гәык-ԥсыкала Чехиатәи Ареспублика апарламенттә алхрақәа рҿы аиааира агара рыдысныҳәалоит, ари Чехиа мацара акәымкәа, Европа зегь азы ԥхьаҟа иҟаҵоу ихадароу шьаҿоуп. Уи дпатриотуп. Қырҭтәыла Чехиаҟны ҩганкалатәи еизыҟазаашьақәа рырҵаулара азыхиоуп”, -иҩит Ҟавелашвили.