Мирча Џьоанна  - Қырҭтәыла Алианс апартниоруп, алшара дуқәа амоуп
Мирча Џьоанна  - Қырҭтәыла Алианс апартниоруп, алшара дуқәа амоуп

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада  Мирча  Џьоанна  ишиҳәаз ала,  иаарту ашәқәа аполитика НАТО азы аҵакы ду амоуп.

Иара ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла Алианс апартниоруп, ари атәыла алшара дуқәа амоуп.

«Иаарту ашәқәа аполитика НАТО азы аҵакы ду амоуп. Қырҭтәыла ҳара ҳзы зҵакы дуу партниоруп, Амшын еиқәа аҵакы азҳара иаҿуп. Ҳара Амшын еиқәа аблокада шымҩаҧысуа аабоит, Урыстәыла украинатәи економика ахәаҽреи адунеи егьырҭ ахәҭақәа рҿы афатәаалыҵтә шәарҭадара аганахьала апроблемақәа раҧҵареи  аҭахуп.  Иара убас, зҵакы дуу партниорцәоуп Молдовеи Босниеи Герцеговинеи», — иҳәеит  Мирча Џьоанна Берлин имҩаҧысуа НАТО адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиҧылараҿы Қырҭтәыла Актәи аканал ажурналист изҵааразы аҭак аныҟаиҵоз.