Местиа имҩаԥысуа жәларбжьаратәи акинофестиваль "Фичинг форум" аҿы аиааира згаз аԥҳәыс режиссиор Актәи аканал аҟынтә аҳамҭа лоуит
Местиа жәларбжьаратәи акинофестиваль “Фичинг форум” мҩаԥысит. Афестиваль рхы аладырхәит 80-ҩык акиноҟазацәа, урҭ еиуеиԥшым атәылақәа рыҟнытә 22 фильмқәа цәырыргеит.
Аиааирагаҩ ажиури ҷыда алахәылацәа далырхит. Қырҭтәыла Актәи аканал акинофестиваль “Фичинг форум” аҿы аиааира зго акиноҟаза изы 5000 лари иаҟароу априз шьақәнарӷәӷәеит. Априз лоуит иқәыԥшу арежиссиор Анна Квиҷинаӡе.
Ажиури алнахыз афильм “Аԥшыхәҩцәа” Ауаажәларратә дырраҭара аҽалархәра ала иаԥҵан.
Қырҭтәыла Актәи аканал адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили иҟалҵаз аҳәамҭала, ахәаԥшцәа ирылшоит афестиваль аҿы иарбаз афильмқәа рбара Актәи аканал аефир аҿы.