Местиа адиализ ахьыҟарҵоу аҭыԥ еиқәыршәоуп
Местиа адиализ ахьыҟарҵоу аҭыԥ еиқәыршәоуп

Местиа адиализ ахьыҟарҵоу аҭыԥ еиқәыршәоуп. Уаанӡа асервис ауиразы Жәыргьыҭ ицоз  абенефициарцәа, иахьрнахыс адиализ аҭыԥ аҿы аҟаҵара рылшоит. Ари атәы аарыцҳаит Агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациала, адиализ атерапиазы еиқәыршәоуп Местиа амуниципалтә хәышәтәырҭа. Актәи аетап аҿы, уа адиализ мҩаԥыргоит Рухтәи ахәышәтәырҭа аҳақьымцәа, хара имгакуа Местиа аусура иалагоит аҭыԥантәи специалистцәа.