Мелитополь ауааԥсыра аҿагыларатә акциа мҩаԥыргоит - аурыс ампыҵахалаҩцәа ақалақь ахада дымҵадырсит

Аурыс аруаа ааныркылаз Мелитополь ауааԥсыра аҿагыларатә акциа мҩаԥыргоит – аурыс ампыҵахалаҩцәа ақалақь ахада дымҵадырсит.

Украина ахада иофис аҟынтә ишаарыцҳаз ала, атәылауаа аурысцәа иааныркылаз ақалақь администрациа ахыбра аԥхьа еизан, Мелитополь ахада Игор Федоров ихы дақәиҭыртәырц идҵаны иқәдыргылоит.

Аларҵәара зауз авидеонҵамҭаҿ иубарҭоуп Украина абираҟ зку зықьҩыла атәылауаа адемонстрациа шымҩаԥырго.

Хәажәкыра 11 рзы иларҵәаз адыррақәа рыла, ақалақь ахада дымҵадырсит. Украина анапхгара ишаарыцҳаз ала, Мелитополь ахада ааҵәа харҵан дыргеит.

Ари афакт иазкны ахада Зеленски Урыстәыла анапхгара атерористтә гәыԥ “Исламтәи аҳәынҭқарра” реиԥшуп ҳәа ааицҳаит