Мегис Қардава, апротест ҟаҵаны, аӡбарҭа азал аанижьит
Мегис Қардава, апротест ҟаҵаны, аӡбарҭа азал аанижьит

«Сара аиашаӡбара нагӡахап ҳәа сгәыҕуам, апротест ҟаҵаны аӡбаратә зал аансыжьуеит», — иҳәеит Арратә полициа адепартамент ҧасатәи анапхгаҩы Мегис Қардава, иахьа ақалақьтә аӡбарҭаҿы иус еилдыргон.

«Сареи сҩызцәеи Қырҭтәыла ашәарҭадара ҳахьчон. Абри аус аполитикатә ашьаҭа аҵоуп. Аршаҳаҭгақәа ҧаршеиуп», — иҳәеит Қардава.

Иахьатәи апроцесс аҿы Ельдар Қобалиеи, Мераб Колбаиеи,   Коба Маткавеи рыргәаҟра аус иахәаҧшуеит.

Мегис Қардава Украинантә Қырҭтәылаҟа аекстрадициа изун  цәыббра 17 рзы. Қардава 5 уск рзы азыӡба иоухьеит,  6-тәи аус азы аусӡбаратә процесс мҩаҧысуеит.