Марокко иҟалаз адгьылҵысра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит  632ҩык рҟынӡа, 329ҩык аахақәа роуит
Марокко иҟалаз адгьылҵысра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит  632ҩык рҟынӡа, 329ҩык аахақәа роуит

Марокко 6,8 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит  632ҩык рҟынӡа. 329ҩык аахақәа роуит .

Аҧсабаратә рыцҳара аепицентр иҟан Марракеш иазааигәаны, Атласстәи ашьхақәа рыгәҭа. 19 минут рышьҭахь иҕәҕәаӡаз афтершокқәа ҟалеит.

Аҧсабаратә рыцҳара амшала зегьы реиҳа иҕәҕәаз ааха аиуит Марракеш,  уи ИУНЕСКО адунеизегьтәи ҭынха аобиектуп.