Марк Рутте аофициалла  НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада иҭыҧ ааникылоит жьҭаара 1 инаркны
Марк Рутте аофициалла  НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада иҭыҧ ааникылоит жьҭаара 1 инаркны

Нидерланды ҧасатәи аҧыза-министр Марк Рутте аофициалла  НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада иҭыҧ ааникылоит жьҭаара 1 инаркны.

Жьҭаара 1 асааҭ жәба рзы НАТО аштаб-уадаҿ амаӡаныҟәгаҩ хада иқәыргылара ацеремониа мҩаҧысуеит.

Иенс Столтенберги Марк Руттеи амемориалаҿ ашәҭқәа шьҭарҵоит, анеҩс, азинмчқәа рыҭара ацеремониа мҩаҧгахоит.

Убри ашьҭахь, Марк Рутте, НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада иаҳасабала, раҧхьатәи апресс-конференциа мҩаҧигоит.