Марина Калиуранд - Азербаиџьани Шәамахьтәылеи аҵак ду змоу ашьаҿақәа рыдгыларазы Қырҭтәыла иҭабуп ҳәа асҳәоит
Азербаиџьани Шәамахьтәылеи аҵак ду змоу ашьаҿақәа рыдгыларазы Қырҭтәыла иҭабуп ҳәа асҳәоит, – илҩит европарламент алахәыла Марина Калиуранд.
Европарламент алахәыла лажәақәа рыла, Азербаиџьани Шәамахьтәылеи ари амҩала ныҟәара нарыгӡароуп.
Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иактивтә фасилитациеи Европеи Евразиеи рызҵаарақәа рзы ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Филипп Рикери иҽалархәреи рыла, аимак аан Азербаиџьантәи аган иааныркылаз Шәамахьтәыла 15-ҩык атәылауаа ихақәиҭыртәит, урҭ Қырҭтәыла атерриториала рҭаацәарақәа рахь ихынҳәуеит. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟынтә.