Мариам Қвривишвили Азербаиџьан аҧыза-министр Али Асадов диҧылеит

20:28, 18.11.2026

Қырҭтәыла авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвили Азербаиџьан лофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Азербаиџьан   аҧыза-министр  Али Асадов диҧылеит.

Аиҧылараҿы ахәаахәҭра-економикатә аимадарақәа иаҳа рырҭбааразы иҟоу алшарақәеи еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицура арҭбаареи иалацәажәеит.

Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Азербаиџьани ртранзиттәи рлогистикатәи потенциал арҕәҕәа ахымҧадареи аенергетикатәи атранспорттәи аусхкқәа рҿы атәылақәа еицынарыгӡо апроектқәа рҵаки.

Иара убас,  аганқәа рхаҭарнакцәа,  аинвестициатә усеицура арҭбаареи ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа рырҭбаареи ирыдҳәалоу азҵаарақәагьы  ирзааҭгылеит.

Аиҧылара рхы аладырхәит аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр лхаҭыҧуаа Геннади Арвелаӡеи Инга Ҧераӡеи,  иара убас,  Азербаиџьан иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Гьаргь Зақарашвилии.

 

Еиԥшу