Мариам Қвривишвили Азербаиџьан аекономика аминистр Микаил Џьаббаров диҧылеит

16:40, 18.11.2026

Қырҭтәыла авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвили Азербаиџьан аекономика аминистр  Микаил Џьаббаров диҧылеит.

Аиҧылара мҩаҧган авице-аҧыза Азербаиџьан лофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Қырҭтәыла Аекономика аминистрра адыррақәа рыла, аминистрцәа Қырҭтәылеи Азербаиџьани рыбжьара астратегиатә партниорра арҕәҕәареи,  ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҭбаареи, иара убас, атәылақәа еицынарыгӡо  азеиҧш арегионалтә проектқәеи ирылацәажәеит.

Хшыҩзышьҭра ҷыда рызун атранспорти алогистикеи аусхкқәа рҿы апартниорра арҕәҕәареи, Абжьаратә коридор аконкуренциалшара аизырҳареи, арегионалтә ҵакы змоу аинфраструктуратә проектқәа рҿиареи, ҷыдала –    иҵаулоу Анаклиатәи абаҕәазеи Вазиантәи аҳаирбаҕәазеи рыргылареи аихамҩа амодернизациеи.

Еиԥшу