Мамука Мдинараӡе иҳәамҭала, атәыла ахада лимпичмент апроцедура алагаразы  80 анапынҵақәа еизыргахьеит
Мамука Мдинараӡе иҳәамҭала, атәыла ахада лимпичмент апроцедура алагаразы  80 анапынҵақәа еизыргахьеит

«Атәыла ахада Аконституциа еилалгеит, аимпичмент апроцедура алагара иаҳуалуп.  80 анапынҵақәа еизаҳгахьеит», — иҳәеит афракциа  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Мамука Мдинараӡе.

Иара иажәақәа рыла, адепутатцәа реиҳара ари азҵааразы рҳәатәы еиқәшәоит.

«Уажәазы ҳара Аконституциатә аӡбарҭаҿы  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнак анотариалла дшьақәҳарҕәҕәоит. Анеҩс, апроцедуратә зҵаарақәа рзы акомитет аҿы анапынҵақәа риашара гәаҭаны, Аконституциатә аӡбарҭа ашшыҧхьыӡ алаҳҵоит.  Аиуристтә ганахьала изакәызаалак зҵаарак иҟам, Аконституциа еилагоуп. Қырҭтәыла ҵыҧхгьы сынтәагьы ари астатус ахәҭам ҳәа зҳәо апрезидент аҳәаанырцә атәыла ахаҭарнакразы аиҳабыра рыҳәара лыхәҭам. Аконституциа иануп ари аус лара лакәымкәа, аиҳабыра рнапы ишану», — иҳәеит  Мамука Мдинараӡе ажурналистцәа данрацәажәоз.