Мака Боҷоришвили – Евроинтеграциа азҵаара аҩныҵҟаполитикатә хықәкқәа рынагӡаразы зхы иазырхәар зҭаху ауаа иҟоуп
Мака Боҷоришвили – Евроинтеграциа азҵаара аҩныҵҟаполитикатә хықәкқәа рынагӡаразы зхы иазырхәар зҭаху ауаа иҟоуп

 

«Европарламентаҿ  ари апроцесс иаҳа инарҭбааны иахәаҧшуа ауаа иҟоуп, дара ибзианы еилыркаауеит Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа ҵакыс ирымоу, Кубилиуси игәаанагареи ҳалацәажәозар, Европарламентаҿ   Евроинтеграциа азҵаара аҩныҵҟаполитикатә хықәкқәа рынагӡаразы зхы иазырхәар зҭаху ауаа иҟоуп», — илҳәеит апарламентаҿ иҟоу евроинтеграциа азҵаарақәа рзы акомитет ахантәаҩы  Мака Боҷоришвили.

Боҷоришвили ишылҳәаз ала,  апарламенттә делегациа аиҧылара ахьымҩаҧырго  Страсбург ақалақьаҿ Кубилиус иҟаиҵо аҳәамҭақәа  Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш азы анырра цәгьа рымоуп.

«Ажәлар иалырхыз аиҳабыра пату рықәҵатәуп,  абри ауп адемократиа иаанаго. Ақырҭуа жәлар роуп Қырҭтәыла анапхгара иалызхуа,  насгьы, ари азҵаара  алхрақәа рыла ирыӡбоит.  Адемократиатә тәылақәа рҿы ҽакала изыҟалом.  Атәыла анапхгара абри апринцип иашьашәаланы  ирызныҟәатәуп.  Еиуеиҧшым амзызқәа рыла еиуеиҧшым азҵаарақәа ирыдҳәаланы атәыла анапхгара абас рықәыҕәҕәареи аҩныҵҟатәи аполитика аҽалагалареи,  ҳәарада,  европатәи  астандартқәеи апринципқәа ирышьашәалам», — илҳәеит  Боҷоришвили.