Лиз Трасс линформациа ала, Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ Украина далҵит
Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ Украина далҵит, — ари атәы аанацҳаит BBC.
Британиа Ду адәныҟатәи аусқәа рминистр Лиз Трасс ишылҳәаз ала, ашәарҭадара аганахьала Украина иҟоу аҭагылазаашьа цәгьа амшала, Украина иҟаз Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ ари атәыла далҵит.
Трасс лҳәамҭала, Урыстәыла Украина ианажәыла, ацҳаражәҳәаҩ Мелинда Симмонси ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәеи Киевнтә Львовҟа ииасит.
Лиз Трасс лажәақәа рыла, Украина иҟаз Британиа ду адипломатиатә хаҭарнакрақәа зегьы уажәазы иаркуп.