Литва ақалақьқәа рҭоурыхтә обиектқәа Қырҭтәыла абираҟ аҧштәқәа рыла ирлашоуп
«Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш инамаданы, Литва ақалақьқәа рҭоурыхтә обиектқәа Қырҭтәыла абираҟ аҧштәқәа рыла ирлашоуп», — иануп Қырҭтәыла иҟоу Литва ацҳаражәҳәарҭа асаит аҿы.
«Литва ауааҧсыра Ахьыҧшымра амш шәыдырныҳәалоит. Ари амш инамаданы, Литва ақалақьқәа — Вильниуси, Каунаси, Клаипеди аҭоурыхтә обиектқәа Қырҭтәыла абираҟ аҧштәқәа рыла ирлашоуп», — иануп ацҳаражәҳәарҭа авеб-саит аҿы.
Лаҵара 26 рзы Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш азгәарҭоит.