Лиетувеи, Латвиеи, Естониеи рыцҳаражәҳәаҩцәа Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь иааԥхьоуп
Асоциалтә ҳаҿы Лиетувеи, Латвиеи, Естониеи рыжәныҟатәи русқәа рминистрцәа асанкциақәа ирыдҳәаланы иҟарҵаз аҳәамҭақәа рышьҭахь, арҭ атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь иааԥхьан.
Ацҳаражәҳәаҩҵәа ырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр лхаҭыԥуаҩ дырԥылоит. Ацҳаражәҳәаҩцәа аихқәа рзы аҳәамҭақәа ҟарымҵаӡацт.
Латвиеи, Лиеутвеи Естониеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа арҭ атәылақәа ралалара азин змам Қырҭтәыла атәылауаа рсиа цәырыргеит..
Дара ишырҳәаз ала, асиа иану ауаа асанкциақәа рзышьақәыргылоуп ауаҩы изинқәа реилагаразы.
Асиа иануп: Биӡина Иванишвили, Вахтанг Гомелаури, Шьалуа Бедоидзе, Иосеб Ҷелиӡе, Алеқсандре Дарахвелиӡе, Гьаргь Буҭхузи, Звиад Харазишвили, Милер Лагазаури, Мирза Кезеваӡе, Важа Сираӡе, Теимураз Купатаӡе.