Леван Хабеишвили - Қарҭ Саакашвили ихақәиҭратә штаб ааҳартуеит
Леван Хабеишвили - Қарҭ Саакашвили ихақәиҭратә штаб ааҳартуеит

Аҳҭнықалақь аҿы, Броссе имҩаҿ иахьа Михеил Саакашвили ихақәиҭтәратә штаб ааҳартуеит. Аҳҭнықалақь аҿы иҟоу зықьҩыла ҳадгылаҩцәа рахь ааԥхьара ҟасҵоит ҳофис иаҭааны, арегистрациа иахысны, “Аурыс гәахәтәы” аҭархара рхы аладырхәарц, – иҳәеит “Амидаҭтә ҵысра” ахъантәаҩы Леван Хабеишвили.

Леван Хабеишвили иажәақәа рыла, “Амилаҭтә ҵысра” аҳҭнықалақь аҿы иӷәӷәазароуп.

“Қарҭ апартиа иӷәӷәазар азы, аусуратә гәыԥ аԥаҳҵеит. Ари агәыԥ дахагылоит Иракли Надираӡе. Уи идаҳҵеит “Амилаҭтә ҵысра” ареорганизациеи анапхгараҭареи“, – иҳәеит Хабеишвили.