Леван Хабеишвили иҭак Ника Мелиа изы
Леван Хабеишвили иҭак Ника Мелиа изы

«Гәаартрыла ишәасҳәар сҭахуп, хаҿык хаҭалатәи ипроблемақәеи ишшреи рзыӡырҩра синтересқәа ирылам», — иҳәеит «Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы Леван Хабеишвили «Амилаҭтә ҵысра» ԥасатәи ахантәаҩы  Ника Мелиа. ателеефир аҿы иҟаиҵаз аҳәамҭа иаҭакны.

Ника Мелиа Гьаргь Вашаӡе «Амилаҭтә ҵысрахь» иинтегарциа дахцәажәеит. Ари иазкны Леван Хабеишвили ишааицҳаз, апартиа ԥасатәи ахантәаҩы игәалаҟазаара  игәаԥхом.

«Уи ари апатетика наигӡоит, адепрессиа ихьуеит, ари даараӡа сгәы снархьуеит, аха ари ипроблемоуп», —иҳәеит Хабеишвили.

Давид Кезерашвилии, Вано Мерабишвилии Заза Горозиеи «Амилаҭтә ҵысраҿы« аԥара аҟаҵара ада акгьы рҭахӡамызт, — иҳәеит «Амилаҭтә ҵысра» ԥасатәи ахантәаҩы  Ника Мелиа «ТВ Пирвели» аефир аҿы.