Леван Хабеишвили – Аекономикатә мышхәыбзазара ҳтәылауаа рзы зегьы реиҳа зҵакы дуу зҵаароуп, урҭ ахәԥса иацәымшәакәа адәқьан иҩналар ауп
«Аекономикатә мышхәыбзазара ҳтәылауаа рзы зегьы реиҳа зҵакы дуу зҵаароуп, дара афатәаалыҵ ахә ду иацәшәаны адәқьан иҩнамлар ҟалом », – иҳәеит «Иаку амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы Леван Хабеишвили.
Левана Хабеишвили ишиҳәаз ала, атәылауаа, раҧхьа иргыланы, афатәаалыц ахә ауп интересс ирымоу.
«5-6 шықәса раҧхьа ауаа зда ҧсыхәа иҟам афатәаалыҵ азы 55-60 лари ршәон, уажәы ари аалыҵ аахәаразы 109 лари аҭахуп. Ҳәарада, ҳазынтәгьы ибзианы еилаҳкаауеит ҳтәылауаа, раҧхьа иргыланы, афатәаалыц ахә азҳара ишаргәамҵуа. Аекономикатә мышхәыбзазара ҳтәылауаа рзы зегьы реиҳа зҵакы дуу зҵаароуп, дара афатәаалыҵ ахә ду иацәшәаны адәқьан иҩнамлар ҟалом. Иванишвилии, Кобахиӡеи, Мдинараӡеи, Иванишвили ипартиеи ҳуааҧсыра рызҵаарақәа аҭак рырҭароуп», — иҳәеит Леван Хабеишвили.