Леван Џьангвелаӡе ишьразы иаанкылаз Гела Уӡилаури ԥсраҽнынӡатәи аҭакра иқәҵан
Леван Џьангвелаӡе ишьразы иаанкылаз Гела Уӡилаури ԥсраҽнынӡатәи аҭакра иқәҵан.
Ари аӡбамҭа идикылеит аӡбаҩ Гьаргь Гелашвили.
Апрокурор Леван Вепхвадзе хәажәкыра 14 рзы Қарҭ, Ҷавҷаваӡе имҩаду аҿы иҟалаз ауаҩшьразы иаанкылаз Гела Уӡилаури ԥсраҽнынӡатәи иҭакразы аҳәара ҟаиҵеит.
Гела Уӡилаури ахара иқәҵан Ашьауӷа закәанеидкыоа 19.109-тәи ахәҭаҷ “б”, “л” апунктқәа рыла – гәҭакылатәи ауаҩшьра, иара убас 236-тәи ахәҭаҷ ахԥатәии аԥшьбатәии ахәҭақәа рыла – ахымцабџьар изакәаныкәа аахәара, аныҟәгара, аҵәахра. Ари ацәгьоуразы иазыԥхьагәаҭоуп 16-20 шықәсанӡа ма ԥсраҽнынӡатәи аҭакра
2025 шықәса хәажәкыра 14 рзы Гела Уӡилаури асааҭ 23:30 рзы Қарҭ, ауаа рацәаны иахьныҟәо Ҷавҷаваӡе имҩаду аҿы Леван Џьангвелаӡеи Гиа Чадунелии дреихсит. Ахысраан ааигәа-сигәа иҟаз атәылауаа рыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылеит. Ахәрақәа зауз Леван Џьангвелаӡе аҭыԥаҿ дҭахеит, Гиа Чадунели ахәшәтәырҭахь днаган.