Леван Иоселиани  Келли Дегнан дылҧылеит
Леван Иоселиани  Келли Дегнан дылҧылеит

Леван Иоселиани, Жәлар рыхьчаҩ иаҳасабала, Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан дылҧылеит.

Дегнан   Леван Иоселиани Жәлар рыхьчаҩс иқәыргылара идныҳәаланы, ақәҿиарақәа изеиҕьалшьеит.

«Ацҳаражәҳәаҩ иаҵшьны иазгәалҭеит ари аинститут ҷыдала ҳаҭыр шақәылҵо, лара ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аус аҿы Леван Иоселиани адгылара ҕәҕәа изаалырҧшит.  Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа ишьақәдырҕәҕәеит Америка ацҳаражәҳәарҭеи Жәлар рыхьчаҩ иаппарати русеицура анагӡара ишазыхиоу», — иануп аомбудсмен иаппарат аинформациаҿы.

Аиҧылара иазку аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭагьы.

«Жәлар рыхьчаҩ иинститут  — ақырҭуа демократиа аихьӡароуп. Ари аинститут ахьыҧшымра Қырҭтәыла ауаҩы изинқәеи ихақәиҭрақәеи рыхьчара еиқәнаршәоит. Ҳара Жәлар рыхьчаҩ игәыҧи, ари атәылаҿ ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аусхкы аҿы аус зуа егьырҭ аиҿкаарақәеи ауааҧсыреи згәыдурала ҳрыдгылоит», — иануп ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.