Латвиа, Урыстәыла апрезиденттә алхрақәа рҽалархәразы ацаражәҳәарахь инеиуа Урыстәыла атәылауаа атәылаҿ рыҟзаара алегалра аполициа хаҭарнакцәа гәарҭоит
Латвиа аҳҭнықалақь Рига, Урыстәыла апрезиденттә алхрақәа рҽалархәразы ацаражәҳәарахь инеиуа Урыстәыла атәылауаа атәылаҿ рыҟзаара алегалра аполициа хаҭарнакцәа гәарҭоит. Ари атәы аанацҳаит “Дельф” Латвиа аҳәынҭқарратә полициа аиҳабы, Армандс Рускис иҟаиҵаз аҳәамҭа ҵаҵӷәыс аҭаны.
Рускс ишааицҳаз ала, аҳәынҭқарратә полициеи аҳәаахьчареи рмаҵзуреи рхаҭарнакцәа Урыстәыла ацҳаражәҳәарахь инеиуа ахаҿқәа рдокументқәа гәарҭоит. Азакәан аилагара аарԥшхар, ахаҿы идепортациа апроцедура алагоит.
Латвиа аҳәынҭқарратә полициа аиҳабы ишааицҳаз ала, Урыстәыла апрезиденттә алхрақәа рҽалархәра згәы иҭоу, Латвиа инхо Урыстәыла атәылауаа амҩақәа рҿы гәарҭар ҟалап.