Латвиа ахада – Қырҭтәыла азеиҧш адәныҟатәи политикеи Евроеидгыла ашәарҭадара аполитикеи иақәшаҳаҭзароуп
Латвиа ахада – Қырҭтәыла азеиҧш адәныҟатәи политикеи Евроеидгыла ашәарҭадара аполитикеи иақәшаҳаҭзароуп

Латвиа ахада Едгарс Ринкевичс  Қырҭтәылахь ааҧхьара ҟаиҵеит ареформақәа рымҩаҧгара анагӡареи акандидат астатус аиуразы 12 абжьагарақәа рынагӡареи азы. Латвиа ахада иадминистрациа ари аинформациа аланарҵәеит  Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии Едгарс Ринкевичси  реиҧылара ашьҭахь.

«Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҳара атәыла евроинтеграциа иадгылоит, убри аҟынтә, Қырҭтәыла аполитикатә мчқәа аҭоурыхтә алшара рхы иархәаны, ирылшо зегьы ҟарҵароуп Евроеидгыла абжьагарақәа рынагӡареи акандидат астатус аиуреи азыҳәан», — иҳәеит  Ринкевичс.

Иара убас, Ринкевичс ишазгәеиҭаз ала,  Қырҭтәыла азеиҧш адәныҟатәи политикеи Евроеидгыла ашәарҭадара аполитикеи иақәшаҳаҭзароуп.

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Латвиа ахада Едгарс Ринкевичс диҧылеит цәыббра  26 рзы.