Лаша Хуцишвили Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд амиссиа анапхгаҩы ҿыц диҧылеит
Лаша Хуцишвили Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд амиссиа анапхгаҩы ҿыц диҧылеит

Қырҭтәыла афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвили Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд амиссиа анапхгаҩы ҿыц Алехандро Геиденберг диҧылеит.

«Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Жәларбжьаратәи авалиутатә фонди русеицура иаҵанакәа азҵаарақәа ирылацәажәеит.  Афинансқәа рминистр амиссиа анапхгаҩы ҿыц иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьашьаны, Афонд анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит иҭышәынтәалоу афискалтә политика амҩаҧгара апроцессаҿ атәыла иахьацхраауа азыҳәан.

Лаша Хуцишвили  атәыла аекономикаҿы аҭагылазаашьа дахцәажәеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа иаҵшьны иазгәарҭеит Қырҭтәыла амакроекономикатәи афинанстәи ҭышәынтәалара аиқәыршәаразы аусеицура ишазыхиоу», — ирҳәеит Афинансқәа рминистрра апресс-маҵзураҿы.