Кремль Виктор Медведчуки украинатәи атҟәацәа реиҭныԥсахлара мап ацәнакит
Кремль Виктор Медведчуки украинатәи атҟәацәа реиҭныԥсахлара мап ацәнакит

ВВС аинформациа ала, Кремль Владимир Путин изааигәоу украинатәи Рада ԥасатәи адепутат Виктор Медведчуки украинатәи атҟәацәа реиҭныԥсахлара мап ацәнакит.

Урыстәыла ахада ипресспикер Дмитри Песков ишааицҳаз, “Медведчук Урыстәыла датәылауаҩым, уи аоперациа ҷыда дамадам. Уи атәымтә тәыла аполитикатә усзуҩ иоуп. Уи абри еиԥш аиҭныԥсахлара иазкны имоу апозициа идырым”, – иҳәеит Песков.

Виктор Медведчук Украина амаҵзура ҷыдақәа иацы аоперациа ҷыдаан дааныркылеит. Украина ахада Владимир Зеленски урыстәылатәи аган Виктор Медведчуки украинатәи атҟәацәеи реиҭныԥсахлара рыдигалеит.

Владимир Путин изааигәоу украинатәи адепутат Виктор Медведчук аҳәынҭқарра аԥсахра ихарарҵоит, аӡбарҭа ақәҵара инақәыршәаны, уи аҩнытә ҭакра иқән, аха Урыстәыла Украина ажәылара ашьҭахь, Медведчук абналара илшеит.