Косовотәи администрациа зхылаԥшуа аҵакырадгьыл аҿы  сербааи косовотәи аполициеи еиҿахысит
Косовотәи администрациа зхылаԥшуа аҵакырадгьыл аҿы сербааи косовотәи аполициеи еиҿахысит

Косовотәи администрациа иахылаԥшуа аҵакырадгьыл аҿы аетникатә сербцәеи косовотәи аполициеи еиҿахысит. Ари атәы аанацҳаит “Роитер”.

Косовотәи аполициа аҳәамҭала, аполициа ахаҭарнакцәа ахыхьчара аҳасабла, Уаҳа ԥсыхәа рымамкәа, ахымцабџьарла акримминалцәа иреихсыр акәын. Приштнатәи аполициа аинформациала, алхратә комиссиа аофицарцәеи, аполициа аофицарцәеи алхратә чинхаркҩцәеи рқәыларазы даанкылоуп ԥасатәи аполициа аусуҩ Деиан Пантич.

Косовотәи администрациа аинформациа ала, аетникатә серьцәа ахьынхо Косово аҩадатәи ахәҭаҿы, амҩадуқәа рҿы абарикадақәа дыргылеит, амҩақәа рырка адҵа ҟанаҵеит Сербиа анапхгара.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Евроеидгыла анаԥшратә миссиа апатрультә машьына алашара-бжьытә граната агәыдырҵеит.

Сербиа амилаҭтә шәарҭадаратә хеилак Косово иқәынхо сербцәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит Евроеидгыла амиссиеи Нато аконтингенти рхаҭарнакцәа рҟны аимак рыбжьарымҵарц.