Китаи авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Китаи Ауаажәларратә шәарҭадара аминистр диԥылеит
Китаи авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Китаи Ауаажәларратә шәарҭадара аминистр диԥылеит

Китаи авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гека Гелаӡе Китаи Ауаажәларратә шәарҭадаразы аминистр Ван Сиаохун диԥылеит.

АҩАР аинформациала, аганқәа аиԥылараҿ ҩтәылак русҳәарҭақәа ирыбжьоу аусеицура иахцәажәеит.

“Гека Гелаӡеи Ван Сиаохуни ҷыдала иазааҭгылеит аускытә реформақәеи, инагӡо апроектқәеи,аинформациа аиҭныԥсахлара аҵаки, аполициатә усеицуреи ирызку азҵаарақәа. Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ишазгәеиҭаз ала, иҟоу амеханизмқәа реиӷьтәразы, ақырҭуа ган акитаитәи рколлегацәа рҟны активтә аусеицура анагӡара азыхиоуп. Гека Гелаӡе китаитәи иколлега аусеицуразы иҭабуп ҳәа иаиҳәан, Қырҭтәыла даиԥхеит”, – иануп АҩАР аланарҵәаз аинформациа аҿы.