Китаи аковид амзызла ишьақәгылоу аԥкрақәа раԥыхразы аҿагыларатә акциақәа нагӡоит, адемонстрантцәа Си Ӡинпин инапынҵақәа рышьҭаҵара идҵаны иқәдыргылоит
Китаи аковид амзызла ишьақәгылоу аԥкрақәа раԥыхразы аҿагыларатә акциа мҩаԥган. Адемонстрантцәа Пекини Шанхаии атәыл егьырҭ ақалақьқәеи рҿы еизеит.
Аҿагыларатә акциа алахәылацәа Си Ӡинпин инапынҵақәа рышьҭаҵара идҵаны иқәдыргылоит. Аполициа ахаҭарнакцәа адемонстрантцәа гәыԥҩык ааныркылеит.
Китаи “ковид-19” аҿагыларазы анольтә политика мҩаԥыргоит. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы атәылаҿ акоронавирус атәылауаа арекордтә рхыԥхьаӡара рыдбалан.