Китаи аҟынтә Германтәылаҟа Урыстәыла иакәшаны ицо адәыӷба Қырҭтәыла иавсуеит
Китаи аҟынтә Германтәылаҟа Урыстәыла иакәшаны ицо адәыӷба Қырҭтәыла иавсуеит

Китаи аҟынтә Германтәылаҟа Урыстәыла иакәшаны ицо адәыӷба Қырҭтәыла иавсуеит. Аҭыжьымҭа “Реал ԥреиҭ” Китаи аҟынтә Германтәылаҟа Урыстәыла иакәшаны ицо адәыӷба адетальтә маршрут цәырнагеит.

“Ақалақь Сиан аҟынтә германтәылатәи ақалақь Манҳам ахь  адәыӷба мшаԥы 13 рзы дәықәлеит. Адәыӷба аспорттә аалыҵи амаҭәақәеи рыла иҭәуп. Адәыӷба Казахстантәи апорт Актау аҟынӡа инеиуеит, ашьҭахь аидара Каспиатәи амшын ала апранла Бақәа инаргоит, уантә аихамҩала Қырҭтәыла, Ԥуҭтәи абаӷәазанӡа дәықәырҵоит, Ԥуҭтәи апорт аҟынтә аидара апаранла Румыниа дәықәырҵоит, уантә аидара Германтәыла наргоит”, – иануп апуликациа аҿы.

„Аилахәырақәа рацәаны альтернативатә мҩақәа рыԥшаара иаҿуп. Иаҳҳәап, Gansu Wuwei Ԥуҭтәи абаӷәазаҟны абри амаршрутла аидарақәа риагара иадҳәаланы аилацәажәарақәа мҩаԥнагоит“, –  иануп астатиа аҿы.