Ким Чен Ын Комсомольск-на-Амуре иҟоу аибашьыга ҳаирпланқәа рзуад аҿы дыҟан
Ким Чен Ын Комсомольск-на-Амуре иҟоу аибашьыга ҳаирпланқәа рзуад аҿы дыҟан

Аҩадатәи Кореиа алидер Ким Чен Ын Урыстәыла, Комсомольск-на-Амуре иҟоу аибашьыга ҳаирпланқәа рзуад аҿы дыҟан.

Ари аанацҳаит урыстәылатәи аинформациатә агентра “Тасс”.

Агентра аинформациа ала, Ким Чен Ын арегион агубернатори егьырҭ аофициалтә хаҿқәеи ақалақь аихамҩаҿ ааҭгылараҿ ауарҳал ҟаԥшь шьҭаҵаны иԥылан, авиациатә зауад ахь днаргеит..

Азауад “Су-35”-и “Су-37”-и атип змоу урыстәылатәи аибашьыга ҳаирпланқәа ҭнажьуеит.