Киевтәи аметро аус ауӡом, ауааԥсыра рзы уа аҽыҵәахырҭа еиҿкаауп

Киевтәи аметро аус ауӡом, ауааԥсыра рзы уа аҽыҵәахырҭа еиҿкаауп. Ари атәы ааицҳаит Украина аҳҭнықалақь ахада Витали Кличко.

“Аметро аҿы аҽыҵәазырҭақәа еиҿкаауп,” – иҩит Кличко.

Ақалақь ахада Киев ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵоит адәахьы идәылымҵырц.