Киев, хаҵак, Аминистрцәа реилазаара ахыбраҿы аграната артҟәацрала дақәмақаруеит
Зыхьӡ дырым хаҵак, аграната кны, Аминистрцәа реилазааара ахыбра дыҩналаны, аграната артҟәацрала дықәмақаруеит. Украинатәи АИХ ари аинформациа аладырҵәеит атәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа шьаҭас иҟаҵаны.
Аҭыҧашҟа инаргаз азинхьчаҩцәа ахаҵа иацәажәоит.
Асоциалтә аҳақәа рҿы авидеокадрқәагьы аларҵәара рыман.