Киев еиҭах аҧжәарақәа ҟалеит
Киев еиҭах аҧжәарақәа ҟалеит

Киев еиҭах аҧжәарақәа ҟалеит, — ари атәы ааицҳаит Украина аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ибжьагаҩ  Антон Герашенко.

Иара убас, Украина ахада иофис анапхгаҩы  Twitter аҿы ишиҩыз ала, иахьа Киев азы иҵегьы аракетатә аахарақәа ирзыҧшуп.

«Иахьа хәлаанӡа Киев ажәылара рҽазыркыр ҟалап. Ашәарҭадаратә ҭагылазаашьақәа шәрықәныҟәала», — иҩит  Алексеи Арестович.

Ишыжәдыруа ала, иахьа шьыжьымҭан урыстәылатәи арбџьармчқәа  Киев аракетақәа аларыжьит.  Аӡәы дҭахеит, ахәрақәа зауз иҟоуп.

Украина аҳаиртә мчқәа адыррақәа рыла, аракетатә аахара мҩаҧган Каспиатәи амшын ақәыҧшыларантә.