Киев анапхгара атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит Украина аҳҭнықалақь ахь ихнымҳәырц

Киев анапхгара атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит Украина аҳҭнықалақь ахь ихнымҳәырц.

Киевтәи аокругтә арратә администрациа аҟынтә ишаарыцҳаз, Урыстәыла арратә мчқәа Киев аганахьала ажәылара еиҭалагеит.

Ақалақь аҩналарҭаҿ амашьынақәа рацәоуп.

„Абри еиԥш аҭагылазаашьаҿ агумантартә машьынақәа аиҭаҵра ирцәыуадаҩуп, аҳақьымцәа, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура ахаҭарнакцәа, аруаа аиҭаҵра рылшом“, – аарыцҳаит Киевтәи аокругтә арратә администрациа аҟынтә.

Урҭ ринформациа ала, есымша ақалақь ахь ихынҳәуеит 40-50 нызқьҩык, ауааԥсыра ашәарҭа иҭагылоуп.

Киев аҟны аԥжәарақәа рыбжьы шьыжь инаркны гоит. Урыстәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз, урҭ аратә зауад ахырхарҭала ахысра иаҿуп.