Киев ааигәара иҟоу Васильково ақалақь аҿы анефтбаза былуеит
Киев ааигәара иҟоу Васильково ақалақь аҿы анефтбаза былуеит

Киев ааигәара иҟоу Васильково ақалақь аҿы анефтбаза былуеит. Ари атәы аанацҳаит агентра  „Униан“ Киевтәи аокругтә аҳәынҭқарратә  администрациа анапхгаҩы Алексеи Кулеба иҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

“Васильково имҩаԥгаз авиажәылара ахҟьаны анефтбаза былуеит. Ампыҵахалаҩцәа рҳаирпланқәа иаха анефтбаза аганахьала ахысра алагеит,” -иҩит Кулеба.

Киевтәи аокруг аполициа аинформфциа ала, Васильково аҳаирбаӷәаза ахырхарҭала ишьҭын фракетак.

Аҭыԥ аҿы аус руеит аиқәырхаҩцәа.