Киев аԥжәарақәа рыбжьы гоит
Киев аԥжәарақәа рыбжьы гоит

Киев аԥжәарақәа рыбжьы гоит, – ари атәы аанацҳаит CNN.

Украина Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра абжьагаҩ Антон Герашьенко иҟаиҵаз аҳәамҭала, аҳауаҭархагатә системақәа ҭадырхеит “Точка У” атип змоу урыстәылатәи аракетақәа,  урҭ рцәынхақәа аӡиас иҭаҳаит. CNN аинформациала, аамҭа-аамҭала абомақәа рыларыжьреи ахысбжьи гоит

Украина аҳҭнықалақь аҿы 36 сааҭтәи акоменданттә сааҭ  алагалоуп.  Киев ахада Витали Кличко иҟаиҵаз аҳәамҭала, акоменданттә сааҭ аԥшьаша, асааҭ 07:00-нӡа алагалоуп.