Ҟварели "Қырҭтәыла абанк" иақәлаз ахаҿы даанкылоуп
Ҟварели "Қырҭтәыла абанк" иақәлаз ахаҿы даанкылоуп

Ҟварели “Қырҭтәыла абанк” афилиал иақәлаз ахаҿы даанкылоуп, – ари атәы аалцҳаит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистра ахаҭарнак Қеҭи Ковзиашвили.

Лажаа рыла, аусшаара ахәҭаҷқәа хԥа рыла иалагеит.

“Сааҭқәак инагӡоз аоперациа ихыркәшоуп. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистра ахаҭарнакцәа Ҟварели “Қырҭтәыла абанк” афилиал иақәлаз ахаҿы дааныркылеит. “Қырҭтәыла абанк” иҟаз ашасцәа зегьы рхы иақәиҭуп, рыԥсҭазаареи ргәабзиареи ашәарҭа иҭагылам. Аусԥшаара хацыркуп,” – илҳәеит Қеҭи Ковзиашвили.

Абанк атерриториаҿ азакәанхьчаҩцәа уажәгьы аусура нарыгӡоит.

Иҟоу адыррақәа рыла, бџьарла еибыҭаз ахаҿы абанк афилиал асааҭ 16:00 рзы дақәлеит. Ашаҳаҭцәа ражәақәа рыла, асабраза дҿаз ақәылаҩ аԥжәага икын. Абанк аҿы иҟаз гәаԥҩык иаразна адәылҵра рылшеит, џьоукы ахыбраҿ иаанхеит, аха уажәы ашасцәа зегьы рхы иақәиҭуп.