Келли Дегнан -  Қырҭтәылеи Украинеи еидгылазароуп, уажәы уи зеиҧшҟамлац аҵакы амоуп, иарбанызаалак аҳәатәеиқәымшәара Урыстәыла хырҳагара азаанагоит
Келли Дегнан -  Қырҭтәылеи Украинеи еидгылазароуп, уажәы уи зеиҧшҟамлац аҵакы амоуп, иарбанызаалак аҳәатәеиқәымшәара Урыстәыла хырҳагара азаанагоит

«Уажәы иарбанызаалак аҳәатәеиқәымшәара Урыстәыла хырҳагара азаанагоит», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан Қырҭтәылеи Украинеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазашьқәа рышьқәыргылара инаркны  30 шықәса аҵра инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.

Лара лажәақәа рыла, Қырҭтәылеи Украинеи еидгылазароуп, уажәы уи зеиҧшҟамлац аҵакы амоуп.

«Украина адгылареи Қырҭтәылеи Украинеи реиҩызареи иазку аконференциа гәахәарыла салахәып. Уажәы Қырҭтәылеи Украинеи урыстәылатәи агрессиа аҿагылараҿы еидгылазароуп, уажәы уи зеиҧшҟамлац аҵакы амоуп.  Аҩ-тәылак ибзианы ирдыруеит ампыҵахалара иаанаго. Уажәы иарбанызаалак аҳәатәеиқәымшәара Урыстәыла хырҳагара азаанагоит», — илҳәеит  Келли Дегнан.