Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан Қырҭтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәаҩ Игор Долгов диҧылеит.
Аиҧылара иазку аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа.
«Иахьа ацҳаражәҳәаҩ Дегнан Украина ацҳаражәҳәаҩ Долгов дидылкылеит. Аиҧылараҿы аганқәа рыбжьара аусеицуреи, Украина иҟоу аҭагылазаашьеи, адестабилизациа иазку Урыстәыла агрессиатә ауранагӡареи иалацәажәеит, иара убас, Америка ацҳаражәҳәаҩ иаҵшьны иазагәалҭеит Украинеи Қырҭтәылеи ирзеиҧшу мраҭашәаратә ҽазышәарақәа дышрыдгыло», — иануп аинформациаҿы.
https://www.facebook.com/usingeo/posts/307396861430254